Арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла амш шәшьуеит
Арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла амш шәшьуеит

Аԥсабара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла иахьаҵанакуа амш цәгьахоит.

Аҳҭнықалақи мрагыларатәи Қырҭтәылеи рӡы иахьа  аԥша ӷәӷәа асуеит. Аҳауааԥхарра ҽынла – 17 градус иаҟарахоит.

Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла – ақәа леиуеит, адыди-амацәыси ҟалоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, амш еилгоит лаҵара 12 рзы.