«Ақырҭуа гәахәтәы» арегионқәа рҿы алхраԥхьатәи аиԥыларақәа рымҩаԥгара алагоит

11:14, 21.08.2024

«Ақырҭуа гәахәтәы» арегионқәа рҿы алхраԥхьатәи аиԥыларақәа рымҩаԥгара алагоит.

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» апрессмаҵзура аинформациа ала, алхраԥхьати акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны арегионтәи аиԥыларақәа иахьа, Мцхеҭа-Мҭианеҭи рҿы иалагоит.

Мцхеҭа, Светицховели ааигәара, ауааԥсыра рҟны аиԥылара мҩаԥысуеит, аиԥылараҿ апартиа алидерцәа ажәлар рҿаԥхьа иқәгылоит.

Ауснагӡатә асааҭ 20:00 рзы иалагоит.

Еиԥшу