Ақырҭуа студентцәа Аҩадатәи Македониа иҟоу америкатәи ауниверситет Скопье аҿы хәыԥсада аҵара ирылшоит
Ақырҭуа студентцәа Аҩадатәи Македониа иҟоу америкатәи ауниверситет Скопье аҿы хәыԥсада аҵара ирылшоит

Ақырҭуа студентцәа Аҩадатәи Македониа иҟоу америкатәи ауниверситет Скопье аҿы хәыԥсада аҵара ирылшоит, — ари атәы аарыцҳаит ахадаладминистрациа аҟынтә.

Аминистрациа аинформациа ала, ари аӡбамҭа рыдыркылеит Скопье аҿы Қырҭтәыла аҳаҭыр зқәу аконсул, апрофессор Марко Андонов иԥшьгарала Қырҭтәыла ахада Аҩадатәи Македониа лвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ақырҭуа студентцәа рзы иаԥҵахоит “ахада лстипендиа” ҷыда.

Аҩадатәи Македониа иҟоу америкатәи ауниверситет Скопье– University American College Skopje аҿы ақырҭуа студентцәа ҩмагистртә прогоаммаҿ аҵара рылшахоит – жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи абизнес-администрирреи.