Ақырҭуа оппозициаа жәабран 25 рзы имҩаҧыргараны иҟаз акциа ихдырҧеит
Атәыла аполитикатәи адемократиатәи аҧеиҧш аиқәырхаразы, ҳара аиҳабыра аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара рыдаагалоит, акомпромисс азы аамҭа раҳҭоит, убри аҟынтә, жәабран 25 рзы имҩаҧаагараны иҟаз акциа ахырҧара ҳазхиоуп, — илҳәеит «Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла Хаҭиа Деканоиӡе.
Лара лажәақәа рыла, аҩ-ганкгьы аполитикатә кризис алҵразы ирылшо зегьы ҟарҵароуп.
«Ишыжәдыруа ала, жәабран 25 рзы Ника Мелиа иҽалархәра ала амитинг ду мҩаҧаагараны ҳаҟан. Аиҳабыра иара дахьдырхәыр рҭахуп, избанзар дара Гаврилов дааганы Қырҭтәыла ахьыҧшымра асимвол аҿы дандыртәа, Ника Мелиа апротест ҟаиҵеит. Аха, атәыла аполитикатәи адемократиатәи аҧеиҧш аиқәырхаразы, ҳара аиҳабыра аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара рыдаагалоит, акомпромисс азы аамҭа раҳҭоит, убри аҟынтә, жәабран 25 рзы имҩаҧаагараны иҟаз акциа ахырҧара ҳазхиоуп», — илҳәеит Хаҭиа Деканоиӡе.