Ақырҭуа Аҳәаатә полициа ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз НАТО арра-амшынтә операциа «Амшынтә ахьчаҩ» рхы аладырхәит
Ақырҭуа Аҳәаатә полициа 11ҩык ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз НАТО арра-амшынтә операциа «Амшынтә ахьчаҩ» рхы аладырхәит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҳәаатә полициа аҟынтәи.
« 2025 шықәса абҵара 21 рзы Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра Аштаб хадеи ирыбжьарҵаз атехникатә меморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра ааҧхьарала, Қырҭтәыла Аҳәаатә полициа Аҟәарахьчара адепартамент агәыҧ НАТО амшынтә операциа «Амшынтә ахьчаҩ» (Operation Sea Guardian) аҽалархәра азин аиуит.
НАТО амшынтә операциа «Амшынтә ахьчаҩ» (Operation Sea Guardian) Алианс аегидала еиҧҟьарада имҩаҧысуа амшынтә операциа заҵәуп. Ари аоперациа ахадаратә аҳасабтәқәа роуп — амшынтә зонаҿы атерроризм аҿагылареи, шәарҭада аҕбаныҟәара аиқәыршәареи, амшынтә шәарҭадара аусхкы аҿы алшарақәа рырҭбаареи рырҕәҕәареи. Иара убас, ари аоперациа аинформациа аизгареи аиҭныҧсахлареи еиқәнаршәоит, аидгыларатәи апартниортәи ҳәынҭқаррақәа русеицура иацхраауеит», — иануп Аәҳаатә полициа аинформациаҿы.