Апрокуратура аусуҩцәа атрансмилаҭтә ацәгьоура аадырԥшит, ҩыџьа атәымтәылауааи аиуристтә ҩхаҿыки рганахьала ашьаусԥшаара хацыркуп
Апрокуратура аусуҩцәа атрансмилаҭтә ацәгьоура аадырԥшит, ҩыџьа атәымтәылауааи аиуристтә ҩхаҿыки рганахьала ашьаусԥшаара хацыркуп

Қырҭтәыла апрокуратура аусуҩцәа акиберацәгьоуреи аԥара рацәаны “арыцқьареи” ирызку иашьҭанеиуа атрансмилаҭтә ацәгьоура аадырԥшит, ҩыџьа атәымтәылауааи аиуристтә ҩхаҿыки рганахьала ашьаусԥшаара хацыркуп.

Апрокуратура хада имҩаԥнагаз аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала, ахара зду ахаҿқәа анапхыцәгьаратә схемала аҳәаанырцә инхо ахаҿқәа аԥара рацәаны рӷьычырц азы ацәгьоуратә гәыԥ аԥырҵеит.

Ацәгьоуцәа амцҳәарала афизикатә хаҿқәа 150 000 америкатә доллар рцәыргеит.

Ашьаусԥшаара хацыркуп анапхыцәгьареи изакәаным ақьарқәа рлегализациеи рфакт азы, ари азы иазыԥхьагәаҭоуп 9 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа аҭакра.

Афизикатә хаҿқәа аҭарка рықәырҵахьеит.