Аполк «Азов» анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  - Ҳара,  уажәгьы, иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы  ахыхьчара ҳалшоит,  аҕа аҳаир аҿгьы амшын аҿгьы аҧыжәара имоуп, аҭагылазаашьа цәгьоуп
Аполк «Азов» анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  - Ҳара,  уажәгьы, иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы  ахыхьчара ҳалшоит,  аҕа аҳаир аҿгьы амшын аҿгьы аҧыжәара имоуп, аҭагылазаашьа цәгьоуп

Аполк «Азов» анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ  Свиатослав  Паламар иҳәамҭала атәыла анапхгара, ақәҧаҩцәа реиқәырхаразы  ирылшо зегьы ҟарҵароуп.

Иара иажәақәа рыла, ақәҧаҩцәа акапитулиациа иазхәыцуам, жәларбжьаратәи агарантиақәа рыла аевакуациа иақәгәыҕуеит.

«Аиҳабыра еилыркааит аҕа амацәаз ҳҭакны ҳашимоу, убри аҟынтә, акорридор аартразы ирылшо зегьы ҟарҵароуп. Ҳара адҵа ҳауит, аха, уезгьы, аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, ахыхьчара наҳагӡоит. Аҕа аҳаир аҿгьы амшын аҿгьы аҧыжәара имоуп, убри аҟынтә, аҭагылазаашьа даараӡа ицәгьоуп», — иҳәеит  Паламар.