Аполициа аусзуҩ иқәларазы ҵыҧх, лаҵарамзазы иаанкылаз Гьаргь Окмелашвили хәышықәса аҭакра иқәырҵеит
Аполициа аусзуҩ иқәларазы ҵыҧх, лаҵарамзазы иаанкылаз Гьаргь Окмелашвили хәышықәса аҭакра иқәырҵеит.
Аусеилыргара адыррақәа рыла, лаҵара 13 рзы, апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз акциаан, Гьаргь Окмелашвили Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ Алеқсандр Оханашвили диҿасит.
Окмелашвили ахара идуп Ашьауҕатә закәанеидкыла ахәҭаҷ 353 актәи ахәҭала — амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡараан аполициа аусзуҩ иқәларазы. Иара убас, иара закәандарала анаркотикқәа раахәареи рыхьчареи азы ахара идын, аха, ари ахәҭаҷ амнистиа адкьыслеит.