Аҧхынразы Қарҭынтә арегулиартә пассаџьыртә реисқәа нагӡахоит 52 хырхарҭа рыла, Қәҭешьынтә 28 хырхарҭа рыла
Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистрра иаҵанакуа Атәылауаҩратә авиациа агентра аҧхынразы авиаеилахәырақәа рреисқәа аграфик шьақәнарҕәҕәеит.
Агентра аинформациа инақәыршәаны, хәажәкыра аҵыхәтәантәи амчыбжь инаркны жьҭаара анҵәамҭанӡа, Қырҭтәыла жәларбжьаратә ҳаирбаҕәазақәа рҿы, мчыбжьык ала 590 реисқәа нагӡахоит. Ҵыҧх, иашьашәалоу апериод иалагӡаны, 540 реисқәа ракәын иҧыруаз. Сынтәа арегулиартә реисқәа рхыҧхьаӡара иазҳаит 9 наӡынала.
Авиареисқәа нарыгӡоит ақырҭуа 2 еилахәыраки 39 атәым авиаеилахәырақәеи.
Қарҭтәи жәларбжьаратә ҳаирбаҕәаза аҟынтә арегулиартә пассаџьыртә реисқәа нагӡахоит 52 хырхарҭақәа рыла. Қәҭешьынтә 28 хырхарҭа рыла.
Баҭымтәи жәларбжьаратә ҳаирабаҕәаза аҟынтә ареисқәа иҧыруеит 14 хырхарҭа рыла.