Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара  амилаҭтә агентра – Мрагыларатә Қырҭтәылаҿ  цәыббра 30 инаркны атмосфератә аҳауаҿ ахәҭаҷ кьакьақәа рацәахеит, уи атрансаҳәаатә аҟьашьреи аладеи алада-мрагылареи рҟынтә ацәҳәыратә асабтә массақәа раларҵәареи иадҳәалоуп

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациала, Мрагыларатә Қырҭтәылаҿ  цәыббра 30 инаркны атмосфератә аҳауаҿ ахәҭаҷ кьакьақәа (PM10, PM2,5) рацәахеит, уи атрансаҳәаатә аҟьашьреи аладеи алада-мрагылареи рҟынтә ацәҳәыратә асабтә массақәа раларҵәареи иадҳәалоуп.

Агентра адыррала, атрансаҳәаатә аҟьашьра ҟалалоит аконкреттә амшқәа рзы, иашьашәалоу асиноптикатә ҭагылазаашьа аан.

“Аҳауа аҭагылазаашьа еилызкаар зҭаху ауааҧсыра зегьы инарҭбаау аинформациа роур рылшоит атмосфератә аҳауа ахаҭабзиара апортал www.air.gov.ge аҿы”, — иануп Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.