Аҧсабара амилаҭтә агентра  - Аҳҭнықалақьи араионқәаки рҿы аҳаираҿ  ахәҭаҷ кьакьақәа рхыҧхьаӡара ацлеит, уи, бжеиҳарала, атрансаҳәаатә арҟьашьра иадҳәалоуп
Аҧсабара амилаҭтә агентра - Аҳҭнықалақьи араионқәаки рҿы аҳаираҿ ахәҭаҷ кьакьақәа рхыҧхьаӡара ацлеит, уи, бжеиҳарала, атрансаҳәаатә арҟьашьра иадҳәалоуп

Аҧсабара амилаҭтә агентра   аинформациа инақәыршәаны,  мшаҧы  18 инаркны,  Қырҭтәыла аҳҭнықалақьи араионқәаки рҿы аҳаираҿ ахәҭаҷ кьакьақәа  (PM10, PM2.5) рхыҧхьаӡара ацлоит,  уи,  бжеиҳарала,  атрансаҳәаатә арҟьашьра иадҳәалоуп,  асабатә массақәа раларҵәара иахҟьеит.

„Абри аҩыза асиноптикатә ҭагылазаашьа аан,  шықәсык иалагӡаны,  мышәқак рзы,  атрансаҳәаатә арҟьашьра ҟалалоит.

Аҧсабара амилаҭтә агентра,  автоматтә станциақәа рыла,   атомосфератә аҳауа ацклаҧшра нанагӡоит.

Дарбанзаалак ауаҩы, атмосфератә аҳауа ахаҭабзиара апорталаҿ, аҳауа ахаҭабзиара иазку аинформациеи агәабзиарахьчаратә абжьагарақәеи иоур илшоит“, – иануп Аҧсабара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.