Аҧыза-министр Туркменистан ахәаахәҭреи аекономикеи рзы аминистр диҧылеит 
Аҧыза-министр Туркменистан ахәаахәҭреи аекономикеи рзы аминистр диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Туркменистан  ахәаахәҭреи аекономикеи рзы аминистр Бегенч Гочмолаиев диҧылеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун аполитикатәи, иара убас, аекономикатәи хырхарҭала ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура. Аганқәа рхаҭарнакцәа адәныҟатәи ахәаахәҭра аганахьала иҟоу апотенциали ҩ-ганктәи ахәаахәҭра аизырҳаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит.

Иара убас, аенергетика асектор  аҿы Қырҭтәылеи Туркменистани рыбжьара иҟоу акрызҵазкәа апартниорра иазааҭгылеит.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун атуризм аусхкы аҿы аусеицура. Ишазгәаҭаз ала, аганқәа атуристцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара иазыхиоуп.

Иракли Ҕарибашвили Бегенч Гочмолаев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Туркменистан  Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иахьадгыло азыҳәан.

Аиҧылара рхы аладырхәит Туркменистан Ахәаахәҭреи аекономикеи рзы аминистрра Азинтә регулиациақәеи аекономикатә координациеи рзы адепартамент аиҳабы  Мират Мурадови, Қырҭтәыла иҟоу Туркменистан  ацҳаражәҳәаҩ Довлетмират Муратови, ақырҭуа аган рҟынтә – Қырҭтәыла авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи, Туркменистан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Константин Сабиашвилии.