Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили германтәылатәи аконгломерат Siemens Energy авице-ахада Ариель Порат диҧылеит.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла еиҿкаау аинвестициатә лагылазаара маншәалеи, иара убас, Евроеидгылеи, агәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәеи, Китаии рҟны атәыла иаднакылаз зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра иахылҵыз алшарақәеи. Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Siemens Energy Қырҭтәыла аинвестициақәа алаҵара иазҿлымҳауп.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Siemens Energy анапхгара иаадырҧшыз азҿлымҳара иадгылоит, ирылшо ала рыцхраара иазыхиоуп.
Германтәылатәи амультимилаҭтә конгломерат Siemens иакымкәа ахырхарҭақәа рыла аус ауеит, жәанызқьҩыла аусзуҩцәа рымоуп.