Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Аинвесторцәа рхеилак аилатәара мҩаҧган
Қырҭтәыла аинвестициатә лагылазаареи, ковид-19 апандемиа аекономиказы иамоу анырреи, авакцинациа апроцесси, ишиашо атәым инвестициақәа рыдыҧхьаларазы иҟаҵатәу ашьаҿақәеи ирылацәажәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аинвесторцәа рхеилак аилатәараҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иааиртыз ахеилак аилатәараҿы иқәгылеит Қырҭтәыла иҟоу Иеиду аҳра ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитони Кавказ аҿы Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк (EBRD) арегионалатә директор Катарина Биорлин Ҳансени.
Аинвесторцәа рхеилак ала имҩаҧгаз аусуреи уаанӡатәи аилатәараҿы ирыдыркылаз аӡбарақәа рынагӡашьеи далацәажәеит Аинвесторцәа рхеилак амаӡаныҟәгаҩ Гьаргь Черқезишвили.
Ахеилак аилатәараҿы иара убас иазааҭгылеит зырҿыцра ҟало аенергиа аусхкы аҿы ишиашо атәым инвестициақәа рыдыҧхьалареи, ақыҭанхамҩа асектор аинвестициақәа алаҵара аганахьала иҟоу аперспективақәеи, афинансқәа раиура алшара аизырҳара амзызла афинанстә хархәага ҿыцқәа раҧҵареи, аргыларатә сектор аҿы иҟоу апроблемақәеи, аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформеи, афармацевтикатә индустриа иадҳәалоу азҵаарақәеи.
„Ахеилак иахьатәи аилатәараҿы аекономикатә хырхарҭақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аинвестициатә ҭагылазаашьеи ҳалацәажәеит. Ҳазааҭгылеит аенергетика аусхки, афармацевтикатә сектори, аҳәынҭқарратә наплакқәа рреформеи, афинанстә хархәагақәа рырҕәҕәареи. Ауснагӡатәқәа рплан еиқәҳаршәеит, иааиуа амшқәа рзы аусуратә гәыҧқәа рфомат аҿы аусура наҳагӡоит“, – иҳәеит Аинвесторцәа рхеилак амаӡаныҟәгаҩ Гьаргь Черқезишвили.
Аинвесторцәа рхеилак аилатәара ибзианы дахцәажәеит Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк (EBRD) арегионалтә директор Катарина Биорлин Ҳансен.
„Аинвесторцәа рхеилак иахьатәи аилатәараҿы алҵшәа бзиа зхылҵыз адискуссиа ҳаман. COVID-19 атәылашҟа ишиашо атәым инвестициақәа рыдыҧхьаларазы иамоу анырреи, аҿиара аганахьала аперспектива ду змоу зырҿыцра ҟало аенергиа асектор аҿы аҭыҧантәии атәыми инвестициақәеи ҳрылацәажәеит. Иара убас, инагӡоу зыхә дуу ақьаадқәа – аоблигациақәа ирызку азҵаарагьы ҳазааҭгылеит. Абри азакәанҧҵаратә инициатива ҿыц хара имгакәа ишьақәырҕәҕәахоит, уи Қырҭтәылаҟа афинанстә активқәа алагарала иацхраауеит. Убри адагьы, ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла аиҳабыреи ҳареи аусеицура ззынаҳагӡо егьырҭ азҵаарақәагьы ҳрылацәажәеит. Алҵшәа зхылҵша аиҧылареи адискуссиа бзиеи мҩаҧаагеит“, – илҳәеит Катарина Биорлин Ҳансен.