Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, арелигиатә аиҿкаарақәа 1 миллион лари ала еиҳаны аҧара рзоурыжьҭуеит 
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, арелигиатә аиҿкаарақәа 1 миллион лари ала еиҳаны аҧара рзоурыжьҭуеит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иӡбарала, арелигиатә аиҿкаарақәа 1 миллион лари ала еиҳаны аҧара рзоурыжьҭуеит. Арелигиатә аидҵарақәа асоветтә тоталитартә режим аан ироуз аматериалтәи аморалтәи азарал хәҭала ахарҭәаара амзызла,  2022 шықәсанӡа иҟаз  4,5 миллион лари афинансыркра даҽа   1 миллион лари ацырҵоит. 

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан аҧыза-министр идикылаз аӡбара арелигиатә аиҿкаарақәа рлидерцәа идирдырит Арелигиатә зҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡе. Арелигиатә аидҵарақәа рхаҭарнакцәа аҧыза-министр афинансыркра аизырҳаразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәарҭаз ала, ари аӡбара дара рзы аҵакы ду амоуп. 

Қырҭтәыла аиҳабыра арелигиатә аиҿкаарақәа рзы афинансыркра аизырҳара иазку  аӡбара анрыдыркылоз, зҵакы дуу зҵаарақәак напхгагас ирыман,  арҭ азҵаарақәа иреиуп арелигиатәи аиҿкаарақәа рҭааҩцәеи, адоуҳатә хаҿқәеи, акульттә ргыламҭақәеи рхыҧхьаӡара. Аӡбара рыдыркылеит Арелигиа азҵаарақәа рзы агентреи арелигиатә аидҵарақәеи рҟны аконсультациақәа мҩаҧганы. Зыӡбахәы ҳәоу аҧара  –  1 миллион лари  аиҳабыра ррезервтә фонд иалырхуеит, арелигиатә аиҿкаарақәа рыгәҭа ари аҧара ашаразы адҵа аиуит Арелигиа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарртәа агентра.