Аҧыза-министр иҧшьгарала, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәаза ҿыц дыргылараны иҟоуп
Аҧыза-министр иҧшьгарала, Қырҭтәыла аҳаирбаҕәаза ҿыц дыргылараны иҟоуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  аҳаирбаҕәаза ҿыц дыргылар рҭахуп Вазиани аеродром аҵакыраҿ.

Иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара  амбициатә ҟазшьа амоуп, аха, хымҧада инагӡатәу усуп.

Иара убас, Иракли Ҕарибашвили Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза арҭбаарагьы далацәажәеит.

«Ари аӡбара амбициатә ҟазшьа амоуп ҳәа сҳәар  сылшоит, аха, иахьа ҳара арегионаҿ авиациатә центрс ҳҟаларатәы алшарақәа зегьы ҳамоуп, зегьы реиҳа ихадоу – аҧышәеи  ахықәки ҳамоуп. Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит атәыла уи еиҧш апотенциал шамоу, убри азоуп ари ахырхарҭала активла аусура ҳзалагаз, мышәқак ҵуеит аекономика аминистрра ари азҵааразы аус ауеижьҭеи. Иахьа уажәтәи аҳаирбаҕәаза иааркьаҿны салацәажәар сҭахуп, зыӡбахәы ҳәоу аҳаирбаҕәаза ҽеим, уи аҽы шәсықәшаҳахар ҟалап, ари аҳаирбаҕәаза  иахьа сызлацәажәар исҭаху ахықәкқәеи аҳасабтәқәеи рынагӡара залшом. Ҳәарада, ҳара кыраамҭалатәи апроект анагӡароуп ҳазлацәажәо. Хәышықәса ма жәашықәса рыла уи ҳзыҟаҵом, убри аҟынтә,  аӡбара ҿыц ишәсырдырыр сҭахуп. Ҳара 2 варианк аус рыдааулеит. Руакы уажәтәи аҳаирбаҕәаза арҿиареи арҭбаареи иазкын, аха, уи атәы аспециалистцәа ишәзеиҭарҳәоит, ари аҳаирбаҕәаза ахатә аграқәа амоуп,  аҿиара ду азы алшара ҳнаҭом. Насгьы, арегионаҿ авиациатә центрс ҳҟалар ҳҭахызар, аҳаирбаҕәаза аҭыҧи аҵакыри уи еиҧш алшара ҳнаҭом.  Ҳара ари азҵаара иқәҳаргылеит аекономикатә хеилак аҿы, ишыҳаӡбаз ала,  20, 40, мамзаргьы 100 шықәсатәи аперспективаҿ атәыла ҳаиҷаҳар ҳҭахызар, анеҩстәи абиҧарақәа иахәҭоу аинфраструктура змоу аҳаирбаҕәаза рзаанҳажьыр ҳҭахызар, алокациа ҿыц алхтәуп.  Қарҭ абри аҩыза аҭыҧ иҟоуп, аеродром Вазиани, уи зеиҧшҟамлац ала абри ахықәкы анагӡаразы иманшәалоуп», — иҳәеит аҧыза-министр.