Аҧыза-министр иинициативала, социалла ихьчам аҭаацәарақәа афымцеи аӡи рхархәара ахәҧса ашәаразы асубсидиақәа роуеит
Аҧыза-министр иинициативала, социалла ихьчам аҭаацәарақәа рхы иадырхәаз афымцеи аӡи ахәҧса ашәаразы аҳәынҭқарра аҟынтә асубсидиақәа роуеит. Аиҳабыра иашьашәалоу ақәҵара рыдыркылахьеит.
Ақәҵара инақәыршәаны, 70 000-и, иара убас, уи еиҵны ареитингтә баллқәа змоу социалла ихьчам аҭаацәарақәа рхы иадырхәаз афымцеи аӡи ахәҧса ашәаразы аҳәынҭқарра аҟынтә асубсидиақәа роуеит.
Асубсидиақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп 2020 шықәса ҧхынҷкәын азы ишьақәыргылаз аҵыхәтәантәи атарифи 2015 шықәса ҧхынгәы азы иҟаз ахархәаратә тарифи рыбжьара иҟоу аиҧшымреи, иара убас, 2022 шықәса ажьырныҳәеи 2020 шықәса ҧхынҷкәыни рзы иҟаз атарифқәа рыбжьара аиҧшымреи 1 квт.сааҭ азы 3,5 ҭеҭри. Зыӡбахәы ҳәоу ацхыраара роуеит Қарҭ ашәҟәы иҭагалоу аҭаацәарақәа.
Иара убас, аҳәынҭқарра асубсиақәа рзоунашьҭуеит 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2022 шықәса ҧхынҷкәын 31-нӡа арегистрациа иахысуа, 70 000 инаркны 150 000 аҟынӡа ареитингтә баллқәа змоу, мызкала 200 квтсааҭ еиҳамкәа афымца зхы иазырхәаз аҭаацәарақәагьы, квт.сааҭ азы 3,5 ҭеҭри ахә ала. Ари акатегориа иаҵанакәам Қарҭ ашәҟәы иҭагалоу, 70 000 ареитингтә баллқәа змоу аҭаацәарақәа.
Иара убас, асубсидиақәа роуеит 2022 шықәса мшаҧы 1 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 31-нӡа Социалла ихьчам ауааҧсыра рбаза иҭагалоу, Қарҭ ашәҟәы иҭаҩу, 70 000 инаркны 150 000-нӡа ареитингтә баллқәа змоу аҭаацәарақәагьы. «Ашьхаҳаракыратә аиланхарҭақәа ирықәынхо абонентцәа афымца ахархәаразы есымзатәи ахәҧса рызшәара иазку» ақәҵара ала иазҧхьагәаҭоу азинҷыдақәа зхы иазырхәо аҭаацәарақәа асубсидиақәа роуам.
Убри адагьы, 2022 шықәса ажьырныҳәа инаркны 2022 шықәса ҧхынҷкәын налаҧхьаӡаны ашәҟәы иҭагалоу, 70 000 ма еиҵны ареитингтә баллқәа змоу, Қарҭ, Русҭави ма Мцхеҭа инхо аҭаацәарақәа, аӡрыжәтә ахархәаразы асубсидиақәа роуеит, 100 лари еиҳамкәа.