Аҧыза-министр ауриа жәлар Ханука аныҳәамш рыдиныҳәалеит.
“Қырҭтәыла иқәынхогьы, аҭоурыхтә аҧсадгьылахь, Израильҟа ихынҳәыз ҳтәылауаагьы, ауриа жәлар зегьы гәыкала ирыдысныҳәалоит Ханука аныҳәамш – абзиара аиааиреи, ацқьареи, аиҭакреи аныҳәамш ду.
Ақырҭуааи ауриацәеи ашәышықәсарацәалатә реизыҟазаашьақәа ажәларқәеи аҳәынҭқаррақәеи реиҩызара аганахьала иҿырҧшыгоуп. Агәырҵҟәыли аџьабзиабареи ала иалкаау ауриа жәлар хәы змам алагала ҟарҵеит иаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл аиҭаргылара апроцесс аҿы.
Аныҳәатә шәгәалаҟазаара шәзеицысшоит, шәареи шәҭаацәарақәеи мышхәыбзазареи, аҭынчреи, анасыҧи шәзеиҕьасшьоит”, – иануп Қыртәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.