Аҧыза-министр агәабзиарахьчареи асоциалтә цхыраареи ахырхарҭала Қарҭ ахадара имҩаҧнаго аполитика аӡыргараҿы дыҟан 
Аҧыза-министр агәабзиарахьчареи асоциалтә цхыраареи ахырхарҭала Қарҭ ахадара имҩаҧнаго аполитика аӡыргараҿы дыҟан 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе агәабзиарахьчареи асоциалтә цхыраареи  ахырхарҭала Қарҭ ахадара аполитика иазкны  Каха Калаӡе имҩаҧигаз аӡыргараҿы дыҟан. 

Аӡыргараҿы Каха Калаӡе ишазгәеиҭаз ала, 2026-2029 шықәсқәа рзы,  агәабзиарахьчареи асоциалтә цхыраареи рхырхарҭала х-программа ҿыцк иалагоит, уажәазы инагӡо ф-программак иаҳа иҭбаахоит. Қарҭ ахада иажәақәа рыла, асоциалтә программақәагьы иаҳа идырҭбаауеит, қарҭаа зегьы амуниципалтә сервисқәа рхархәара рылшоит. Аамҭакала,  араионқәа рнапхгарақәагьы еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла қарҭаа ирыцхраауеит.