Аҧыза-министр Ҭырқәтәылатәи ареспублика Амилаҭтә аизара ду ахантәаҩы диҧылеит
Аҧыза-министр Ҭырқәтәылатәи ареспублика Амилаҭтә аизара ду ахантәаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ҭырқәтәылатәи ареспублика амилаҭтә аизара ду ахантәаҩы Мустава Шентоф диҧылеит.  Аиҧылараҿы Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара зыҩаӡара ҳараку астратегиатә партниорра иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, сынтәа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса ҵуеит, аиубилеитә рыцхә азгәаҭаразы иакымкәа ауснагӡатәқәа мҩаҧыргоит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа аекономикатә хырхарҭала аусеицурагьы иазааҭгылеит, ишазәгаҭаз ала, Ҭырқәтәыла, ҧасеиҧш, Қырҭтәылазы ахадаратә ахәаахәҭратә партниорс иаанхоит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, дара астратегиатә партниорра иаҳа арҕәҕәара иазыхиоуп, зыҩаӡара ҳараку авизитқәа рҿы адинамика бзиа иазыразуп.  Ҭырқәтәыла амилаҭтә аизаара ду ахантәаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Ҭырқәтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло