Апенитенциартә маҵзура – Сынтәа Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа рҭиуеит 21ҩык абаандаҩцәа
Апенитенциартә маҵзура – Сынтәа Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа рҭиуеит 21ҩык абаандаҩцәа

Иаку амилаҭтә ҧышәарақәа рыҭиразы апенитенциатә усбарҭақәа рҟынтәи аҧышәаратә центрқәа рахь абаандаҩцәа риагара апроцесс иалагеит.   Апенитенциартә маҵзура адыррала, сынтәа амилаҭтә ҧышәарақәа рҭиуеит  21ҩык абаандаҩцәа, урҭ рҟынтә аӡәы иқәра наӡам.

«Абаандаҩцәа иреиҳаӡоу аҵара аиура алшара рыҭара Апенитенциартә маҵзуразы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп.  Убри азыҳәан абаандаҩцәа ирзеиҿкаауп аҵаратә проект  «Арыцхәтә университет», уи иреиҳаӡоу аҵара аиураҿы ирыцхраауеит.

Апенитенциартә маҵзура, абаандаҩцәа реиҭашьақәыргылареи рресоциализациеи ахырхарҭала ҳаҧхьаҟагьы аусура нанагӡоит», — иануп Апенитенциартә маҵзура аинформациаҿы.