Апеллиациатә аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, ҧхынгәы 5 аус азы зус рыӡбоз фҩык ахара рзышьақәырҕәҕәоуп, аха, амчылара аиҿкаара рхарам ҳәа ирыҧхьаӡан, ирықәыз азыӡба дырмаҷит
Апеллиациатә аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, ҧхынгәы 5 аус азы зус рыӡбоз фҩык ахара рзышьақәырҕәҕәоуп, аха, амчылара аиҿкаара рхарам ҳәа ирыҧхьаӡан, ирықәыз азыӡба дырмаҷит

Қарҭтәи Апеллиациатә аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, ажурналистцәеи аоператорцәеи рзы амчыларазы зус рыӡбоз фҩык ахара рзышьақәырҕәҕәоуп, аха, амчылара аиҿкаара рхарам ҳәа ирыҧхьаӡеит. Ари аус Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы Илиа Ҭвалишвилии АИХ ахаҭарнакцәа рылахәызаарала даҽа епизодкқәеи ирызкуп.

Аӡбаҩ  Маиа Ҭеҭраули   актәи аинстанциа аӡбарҭа ақәҵара хәҭала илыҧсахын,  зус ӡбоу ирықәыз азыӡба лырмаҷит. Лымкаала, аӡбаҩ арҭ ауаа амчылара аиҿкаара рхарам ҳәа илыҧхьаӡеит.

Убри аҟынтә,   Акаки Накашиӡеи,  Ҭорнике Давлашериӡеи,   Давиҭ Қуҭалаӡеи,   Оҭар Гелашвилии, Цотне Чихлаӡеи,  Гиа Гигуашвилии  4 шықәса аҭакра рықәырҵеит.

Цотне Чихлаӡе изы апрокуратура  аус аквалификациа аҧсахра иаҳәон,  аха,  ари аус иадҳәаланы аексперт иҳасабырба макьана ицәыргам,  убри аҟынтә,  актәи  аинстанциа аӡбара ишыҟаз иаанхеит.

Иаанкылоу ауааҧсыра рҟынтәи аӡәгьы макьана ихара иазхеимҵеит.

Ҧхынгәы 5рзы Русҭавели имҩаду аҿы АИХ ахаҭарнакцәа рзы амчылареи рзанааҭтә усураҿы рҧырхагахареи азыҳәан аанкылоуп  27ҩык.  Ари аус аҿы  56ҩык азарал зауз  арбоуп,  урҭ рҟынтә  47ҩык  ажурналистцәоуп.