Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭа аланарҵәеит
Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭа аланарҵәеит

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа ишану ала, иацы ателеканалк аҿы иҭыҵыз ателепрограммаҿы иалацәажәон  PR-стратегиа,  ателепрограммаҿы аарыцҳаит ари астратегиа израильтәи аконсультантцәа идырмазеизшәа.

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, адырраҭара Гьаргь Гахариа ирепутациа аиқәырхара ауп хықәкыс иамаз. Дара Гахариа изкны аларҵәара зауз аконкреттә информациа  заанаҵы ирмазеиз адезинформациа акәызшәа аадырҧшыр рҭахын.

«Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭа ишану ала, адырраҭараҿы ицәыргаз аслаидқәа ҧаршеиуп.

«Иаку амилаҭтә ҵысреи уи иатәу ателееилахәырақәеи  ирыбжьаагоит амцҳәара иаҟәыҵны, аҵахаразы рҽазыҟарҵарц, избанзар жьҭаара 2 рзы аиашара аиааира агоит», — иануп анапхгаратә партиа аҳәамҭаҿы.