«Ақырҭуа гәахәтәы» - Ҳара атәыла ахьыҧшымреи ашәарҭадареи рыла ахәаахәҭра ҳгәы иҭам, ашантаж   атәыла иаҧырхагахаша ашьаҿа аргылара алшом
«Ақырҭуа гәахәтәы» - Ҳара атәыла ахьыҧшымреи ашәарҭадареи рыла ахәаахәҭра ҳгәы иҭам, ашантаж   атәыла иаҧырхагахаша ашьаҿа аргылара алшом

«Қырҭтәыла аганахьала ашантажи ақәмақарреи аполитика ихьыҧшым 2 ҳәынҭқаррак рыбжьара астратегиатә партниорра иашьашәалам», — иануп  «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа ишану ала, Ентони Блинкен иҟаиҵаз аҳәамҭеи авизатә аҧкрақәа рыла ашантажи – Қырҭтәыла ахьыҧшымра аҧкра  аҽазкроуп.

«Уи адунеитә политикаҿы зеиҧшҟамлац хҭысуп, тәылак аофициалтә хаҿы даҽа тәылак азакәанҧҵаҩцәа асанкциақәа рыла дрықәмақаруеит дара аартызаара иазку азакәан иахьадгылаз мацаразы. Ари ахҭыс адунеитә политика аҭоурых ианылоит  «анбан цәышқәа» рыла.

Аҭаацәара алахәылацәа, зықәра наӡам ахәыҷқәагьы асанкциақәа рзышьақәыргылара  —  иҳаҩсыз ашәышықәса  40-тәи ашықәсқәа рзы Европа мацара акәымкәа, Асовет Еидгылагьы мап зцәыркыз формоуп.

Ашықәсқәа рацәа рыҩныҵҟа ацивилизациатә дунеиаҿ иазхаҵан аҭаацәара алахәылацәа асанкциақәа рзышьақәыргылара афакт  афашист-большевиктә ҟазшьа шамоу.

Уажәшьҭа асанкциақәа абри аформа ихы иаирхәит Америка аофициалтә хаҭарнак, уи агәыҧжәара узнарҵысуеит.

Аха, иашьашәалоу амчқәа, лымкаала, еврокомиссарцәа руаӡәы  Қырҭтәыла аҧыза-министр даниацәажәоз   Словакиа аҧыза-министр иқәлара ҿырҧштәыс иааганы, ақырҭуа напхгара ахаҭарнакцәа данрықәмақарра ашьҭахь, авизатә аҧкрақәа рышьақәыргылара уамашәа иубаратәы иҟам.

Иара убас, ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп мызқәак раҧхьа, Блинкен ихьӡала,  иҵаҵгәырку ашаҳаҭгақәа цәырымгакәа,  ақырҭуа аӡбаҩцәагьы асанкциақәа шырзышьақәдыргылаз,  усҟан ишырҳәаз ала, афактқәа раарҧшра ргәы иҭам, шәара шәхала ари азҵаара еилшәырга ҳәа ҳарҳәеит.

Ари ахҭыс иахьыҧшымкәа, аӡбаратә система аусура нанагӡоит, ари аӡбара ақырҭуа аӡбаратә система ахьыҧшымразы анырра амоуит.

Уи еиҳангьы, убри ашьҭахь Страсбургтәи аӡбарҭа изныкымкәа  ишьақәнарҕәҕәеит ақырҭуа аӡбарҭа ақәҵарақәа шиашоу.

Аҵыхәтәаны, даҽазнык иазгәаҳҭар ҳҭахуп ҳара ҳтәыла ахьыҧшымреи ашәарҭадареи рыла ахәаахәҭра ҳгәы ишҭам. Иарбанзаалак ашантаж амшала ҳтәыла иаҧырхагахаша ашьаҿа ҟаҳҵом. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы асанкциақәа аконтрпродуктивтә ҟазшьа рымоуп, асанкциақәа иаҧшьазгаз ихаҭа иҧырхагахоит. Убри аҟынтә, ҳара зегьы ирыбжьаагоит аизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы, ақырҭуа жәлари америкауааи ринтересқәа ирышьашәалоу  апрогмативтә  еффективтә шьаҿақәа ҟарҵарц», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аҳәамҭаҿы.