„Ақырҭуа гәахәтәы“ аиҿкаарала, апарламент аҧхьа жәларзегьтәи аизара мҩаҧысуеит

20:29, 29.04.2024

„Ақырҭуа гәахәтәы“ аиҿкаарала, апарламент аҧхьа жәларзегьтәи аизара мҩаҧысуеит. Ауснагӡатә аадыртит Қырҭтәыла хьыӡрашәала. Аизара девизс иамоуп  „Аҧсадгьыл, абызшәа,  адин“.

Атәылауаа апарламент аҧхьа аизара иалагеит асааҭ 18:00 рзы. Анеҩс,  дара ирыцлеит афилармониатә шьапыла иаауаз  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҿартә аиҿкаара ахаҭарнакцәа.

Аизара алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылоит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алидерцәеи апартиа аҿартә аиҿкаара ахаҭарнакцәеи.

 

Еиԥшу