Апарламенттә оппозициаа рхаҭарнакцәеи Евроеидгыла иҷыдоу ахаҭарнакцәа рделегациеи еиԥылоит
Апарламенттә оппозициаа рхаҭарнакцәеи Евроеидгыла иҷыдоу ахаҭарнакцәа рделегациеи еиԥылоит

Апарламенттә оппозициаа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла визитла иҟоу Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылара мҩаԥыргеит.

Аганқәа уаҵәы ицәыргаран иҟуо Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иазку Еврокомиссиа алкаа иахцәажәеит. Иара убас, Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылараҿ иазааҭгылеит Гортәи амуниципалитет Кирбали ақыҭа ааигәара ампыҵахалаҩцәа ахымцабџьарла Қырҭтәыла атәылауаҩы ишьра афакт.