Апарламент аԥхьа «Аҩныҟа Европаҟа» акциа мҩаҧысуеит
Апарламент аԥхьа «Аҩныҟа Европаҟа» акциа мҩаҧысуеит

Русҭавели имҩаду аҿы, апарламент ахыбра аҧхьа,  «Аҩныҟа Европаҟа» захьӡу акциа мҩаҧысуеит.  Акциаҿ аиҿкааҩцәа роуп аҵысра «Аҩныҟа Европаҟа» алахәылацәеи еиуеиԥшым аоппозициатә апартиақәа рхаҭарнакцәеи.

Акциахь арегионцәа рҟынтә ауааԥсыра ааит.

Аҵысра «Аҩныҟа Европаҟа» алидерцәа руаӡәы Шоҭа Диӷмелишвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, илегитимым анапхгара аныҟоу, мчылатәи аҿагыларақәа ирылагоит.

Иҟоу адыррақәа рыла, акциа алахәылацәа уахынла Русҭавели имҩаду аҿы иаанхоит.