Апарламент ҭагалантәи асессиа иалагеит Шови иҟалаз арыцҳара иалаӡыз ауааҧсыра ргәаларшәара иазкыз минуҭтәи аҿымҭрала

13:27, 05.09.2023

Қырҭтәыла апарламент ҭагалантәи асессиа иалагаанӡа,  адепутатцәа,  минуҭтәи аҿымҭрала,  Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ауааҧсыра ргәаладыршәеит.

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала,  нанҳәа 3 рзы атәыла зегьы арыцҳара ду иақәшәеит.

«Нанҳәа 3 рзы ҳтәыла зегьы арыцҳара ду иақәшәеит. Ҷыдала бзиа иаабо аҭыҧ ҧшӡаӡаҿы аҧсабаратә рыцҳара ҟалеит,  ари арыцҳара иалаӡит даӡәымкәа ҳтәылауаа,  ахәыҷқәагьы аҳәсагьы инрылаҵаны. Иҭахаз ауаа руацәа даҽазнык срыдашшылар сҭахуп», — иҳәеит  Папуашвили.

Нанҳәа 3 рзы Шови адгьылҳәазара ҟалеит. Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ 31ҩык рыҧсыбаҩқәа аарҧшуп,  даҽа ҩыџьа рыҧшаара иаҿуп.

 

 

Еиԥшу