Апараӡиудо | Қарҭ имҩаԥысуа Европа ачемпионат аҿы иахьа быжьҩык ақырҭуа спортсменцәа иқәгылоит #1TVSPORT
Қарҭ апараӡиудоистцәа Европатәи рчемпионат мҩаԥысуеит. Атурнир рхы аладырхәоит 20 тәыла рҟынтә 200-ҩык иреиҳаны апараспортсменцәа. Европа ачемпионат аҿы иахьа быжьҩык ақырҭуа спортсменцәа иқәгылоит:
J1 акатегориа (зыла иамбо рыбжьара):
+95 кг. Гьаргь Бериӡе
+95 кг. Рамин Ҟиԥшиӡе
J2 акатегориа (зыло ибзианы иамбо рыбжьара):
-95 кг. Звид Гогоҷури
-95 кг. Лаша Ҟизилашвили
+95 кг. Реваз Чикоиӡе
-70 кг. Қеҭи Гиоигашвили
+70 кг Инга Қалдани
Атурнир ианалага, J1 акатегориаҿ (зыла иамбо рыбжьара) Саба Баӷдаваӡе (-81 кг) аџьазтә медаль иоуит.
J2 акатегориаҿ (зыло ибзианы иамбо рыбжьара) (-81кг) ақырҭуа финал мҩаԥган – Бачуки Шелиа Леван Гугава иҟны даҵахеит.
-70 кг акапантә категориаҿ ахьтәы медаль Гьаргь Қалдани иоуит, Зураб Зурбиани ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.