Аоппозициаа ракциа мҩаԥысран иахьыҟоу Русҭавтәи 12-тәи абахҭа аԥхьа аилеиҩеиласра ҟалеит
Аоппозициаа ракциа мҩаԥысран иахьыҟоу Русҭавтәи 12-тәи абахҭа аԥхьа аилеиҩеиласра ҟалеит

Аоппозициаа ракциа ахьымҩаԥысран иҟоу Русҭавтәи 12-тәи абахҭа аԥхьа ԥыҭраамҭак аԥхьа аилеиҩеиласра ҟалеит.

Акциа аиҿкааҩцәеи аполициа хаҭарнакцәеи еиҿагылеит.

Қвемо Қарҭли аполициа аҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, абахҭа ашәарҭадара иазыԥхьагәаҭаны, аусҳәарҭа аԥхьа акциа амҩаԥгара зин рырҭом, альтернативтә ҭыԥ рыдаргылеит – Русҭавии Гардабании еимыздо амҩа.

Зны акциа аиҿкаҩцәа ари ргәамԥхеит, ари иахҟаны азакәанхьчаҩцәа урҭ аппаратура хәҭак ирымырхит. Аҭыԥ ашҟа инеит “Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнак Давиҭ Киркитаӡеи Леван Хабеишилии, урҭ азакәанхьчаҩцәа ирыкәшаҳаҭхеит.