Антонио Конте - Хвича Кварацхелиа анеҩстәи асезонаҿ Наполи аҿы дыхәмаруеит
Антонио Конте - Хвича Кварацхелиа анеҩстәи асезонаҿ Наполи аҿы дыхәмаруеит

«Наполи» азыҟаҵаҩ хада  Антонио Конте  акоманда алидерцәа  Хвича Кварацхелиеи

Џьованни  Ди Лоренцои ирыдҳәалоу апланқәа дрылацәажәеит.

Иара иажәақәа рыла, арҭ ахәмарҩцәа анеҩстәи асезонаҿгьы  «Наполи» аҿы ихәмаруеит.

«Сара арҭ ахәмарҩцәа разыҟаҵара мацара акәӡам снапы иану, сара акоманда зегьы анапхгара азызуеит. Ахәмарҩцәа срацәажәеит, сидеиақәа расҳәеит.  Агәра ганы сыҟоуп дара анеҩстәи асезонаҿгьы ҳкомандаҿ ишыхәмаруа.

Лоботкеи, Ди Лоренцои, Кварацхелиеи,  Замбо Ангиси рцара сақәшаҳаҭымхеит», — иҳәеит  Антонио Конте.

Европатәи АИХқәа иаладырҵәаз аинформациа инақәыршәаны,  «Пари Сен-Жермен» анапхгара  Хвича Кварацхелиа даархәар рҭахуп.  Ахәмарҩы иагент Мамука Џьуҕели ари аинформациа шьақәирҕәҕәеит.

«Наполи»  ахада Аурелио Де Лаурентис  иҳәамҭала,  аклуб ақырҭуа ахәмарҩы иоужьҭра азҵаара иахәаҧшуам, иара аиқәшаҳаҭра ҿыц идаргалоит.