Анна Долиӡе - Сара уажәы Гаага сыҟоуп, исылшо зегь ҟасҵоит, сеимадарақәа схы иасырхәоит ақырҭуа полициаҿ ауаа рыргәаҟра акультура ихыркәшарц азы
“Иӷәӷәоу Қырҭтәыла” апрессмаҵзура аинформациа ала, апартиа алидерцәа руаӡәы, Анна Долиӡе Гаага Қырҭтәыла адемонстрантцәа рыргәаҟра иадҳәаланы аиԥыларақәа мҩаԥылгоит.
Анна Долиӡе ишылҳәаз ала, заанаҵтәи адыррақәа реизгареи аусԥшаара алагаразы аӡбамҭақәа здызкыло аҟәша ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
“Сара уажәы Гаага сыҟоуп, исылшо зегь ҟасҵоит, сеимадарақәа схы иасырхәоит ақырҭуа полициаҿ ауаа рыргәаҟра акультура ихыркәшарц азы, ԥхынҷкәын алагамҭаз аполициа аҭынч демонстрантцәа рганахьала адкылашьа змам ахархәагақәа рхы иадырхәит. Ари асанкциақәа ахылҵит. Асанкциақәа – аполитикатә хархәагақәоуп, аха урҭ азинтә санкциақәагьы ахҟьар ҟалоит. Сара заанаҵтәи адыррақәа реизгареи аусԥшаара алагаразы аӡбамҭақәа здызкыло аҟәша ахаҭарнакцәа сырԥылеит, урҭ адыррақәа зегьы рысҭеит. Қарҭ аҭыԥ аман аҭынч тәылауаа ркыдцалара, рыргәаҟра, агаз ахархәара, ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәым рызныҟәара. Гаагатәи атрибунал аҿы аарҭ еиԥш ацәгьоурақәа рыҭҵаара иаҿуп”, – илҳәеит Долиӡе.