Анна Буҷукури – Асанкциақәа рышьақәыргылараҿы узықәгәырҕьаша  акгьы иҟам, уи ҳтәыла жәларбжьаратәи ахьӡ ҧхасҭанатәоит
Анна Буҷукури – Асанкциақәа рышьақәыргылараҿы узықәгәырҕьаша  акгьы иҟам, уи ҳтәыла жәларбжьаратәи ахьӡ ҧхасҭанатәоит

«Еибашьуа атәыла утәылауаа асанкциақәа рзышьақәнаргылозар,  уи утәылазы анырра цәгьа амоуп», — илҳәеит апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» иалахәы  Анна Буҷукури.

Буҷукури ишылҳәаз ала, ари афакт ҳтәыла аиҳабыра рыла  Украина анапхгара рҿагылара иахҟьахеит.

«Асанкциақәа рышьақәыргылараҿы узықәгәырҕьаша  акгьы иҟам, уи ҳтәыла жәларбжьаратәи ахьӡ ҧхасҭанатәоит.  Еибашьуа атәыла утәылауаа асанкциақәа рзышьақәнаргылозар,  уи утәылазы анырра цәгьа амоуп.  Абри зегьы  ҳтәыла аиҳабыра рыла  Украина анапхгара рҿагылара иахҟьахеит.  Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи Украинеи ибзианы ирдыруеит ҳтәыла уажәтәи анапхгара  изусҭцәақәоу. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы «Ақырҭуа гәахәтәы» уезгьы ҳтәыла ҧырхага ду азааргеит. Абри аҩыза афактқәа ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп», — илҳәеит  Буҷукури.