Анджеи Дуда - Аракета иабантә шьҭыз аҭыԥ аҳдыруам, уи урыстәылатәи ракетазар ҟалап, аха макьана аусԥшаара мҩаԥысуеит
Польша ахада Анджеи Дуда иҟаиҵаз аҳәамҭала, аракета иабантә ишьҭыз аҭыԥ ирдыруам, уи урыстәылатәи ракетазар ҟалап, аха макьана аусԥшаара мҩаԥысуеит
„Аракета иабантә ишьҭыз аҭыԥ иаҳдыруам, уи урыстәылатәи ракетазар ҟалап, аха макьана аусԥшаара мҩаԥысуеит“, – иҳәеит Дуда.
Уаанӡа Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, атәыла атерриториаҿ икаҳаз аракета Урыстәылаҿ иҟаҵоуп, аха аҳәамҭаҿ иазгәаҭамызт аракета иабантә ишьҭыз аҭыԥ. Аусҳәарҭахь даарыԥхьеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ.