Андриа Џьаҕмаиӡе – Ирҭбаау ауахәаматә аизара арыцхә макьана ишьақәыргылам, аха, аизара мҩаҧгахоит лаҵара 17 иахымгакәа
«Ишыжәдыруа еиҧш, Апатриарх иҭыҧ азы иқәгылоуп 3ҩык акандидатцәа. Актәи атур аҿы руаӡәы 20 быжьқәа иоур, аҩбатәи атур аҭаххом, аха, 20 ма еиҳаны абжьқәа аӡәгьы имоур, аҩбатәи атур мҩаҧгахоит зегьы реиҳа ирацәаны абыжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа рыбжьара», – иҳәеит Қырҭтәыла Апатриархиаҿы иҟоу Ауаажәлар рҟны аизыҟазаашьақәа рзы амаҵзура анапхгаҩы Андрия Џьаҕмаиӡе. Иара иажәақәа рыла, ирҭбаау ауахәаматә аизара мҩаҧгахоит лаҵара 17 иахымгакәа.
«Аизара рхы аладырхәоит аепархиақәа зегьы рхаҭарнакцәа. Дара абжьыҭираан уа иҟазаауеит. Аделегат жәала дықәгылар илшоит. Зынӡа 2000ҩык раҟара аделегатцәа ҟалоит», – иҳәеит Андриа Џьаҕмаиӡе.
Қырҭтәыла Апатриарх иҭыҧ азы иқәгылоуп 3ҩык ауандидатцәа: Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио (Муџьири); Мровели-Урбниси амитрополит Иов (Акиашвили); Ҧуҭии Хобии амитрополит Григол (Бербичашвили).