Андреи Сибига – Ҳара агәыҕра ду ҳамоуп Дональд Трампи, Си Ӡиньпини, Владимир Путини реиҧылараан Вашингтони Пекини, ирымоу анырра рхы иархәаны, Москва аибашьра ахыркәшара адарцалап ҳәа
Украина Дональд Трампи, Си Ӡиньпини, Владимир Путини реиҧылараан Вашингтони Пекини, ирымоу анырра рхы иархәаны, Москва аибашьра ахыркәшара адарцалап ҳәа игәыҕуеит. Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Сибига.
Сибига иажәақәа рыла, Америкеи Китаии Урыстәылазы анырра рылшоит, ҷыдала аибашьра ахыркәшара азҵаараҿы.
Иара ишиҳәаз ала, Украина аибашьра иадҳәаланы ахатә позициа изныкымкәа апартниорцәа ирзаанарҧшхеит.
Сибига иаҵшны иазгәаиҭеит Украина иадҳәалоу аӡбарақәа Украина ахаҭа аҽалархәрада рыдкылара шыҟамло.
Иара убас, иара ишазгәеиҭаз ала, аибашьра ахыркәшара аглобалтә интересқәа ирыҵанакуеит, Америкеи Китаии ринтересқәагьы, избанзар, уи Европа аҭышәынтәалара аиҭашьақәыргылареи ииашоу аҭынчра ҕәҕәа ашьақәыргылареи еиқәнаршәоит.
Абҵара 19 рзы, Америкеи, Урыстәылеи, Китаии рхадацәа аҭоурыхаҿ раҧхьатәи х-ганктәи реиҧылара мҩаҧгахоит.