Андреи Ермак ишааицҳаз ала, Украина аамҭала импыҵахлоу аҵакырадгьылқәеи Урыстәылеи  рҟынтә 11-ҩык ахәыҷқәа рырхынҳәра алшеит
Андреи Ермак ишааицҳаз ала, Украина аамҭала импыҵахлоу аҵакырадгьылқәеи Урыстәылеи рҟынтә 11-ҩык ахәыҷқәа рырхынҳәра алшеит

Украина аамҭала импыҵахлоу аҵакырадгьылқәеи Урыстәылеи рҟынтә 11-ҩык ахәыҷқәа рырхынҳәра алшеит, – ааицҳаит Украина ахада иофис анапхгаҩы Андреи Ермак.

Ермак идыррақәа рыла, ахәыҷқәа 10-17 шықәса ирхыҵуеит, рырхынҳәра Катар абжьаҟазарала алшахеит.

“Ҭаацәарак аҟынтә хәҩык аешьцәеи аеҳәшьцәеи рырхынҳәра ҳалшеит. Ахәыҷқәа Урыстәылашҟа ирган, рҭаацәа рыӡбахә рыздырӡомызт. Рырхынҳәра даара иуадаҩын. Урыстәыла абикәынтә органқәа апроцесс иаԥырхагон, рыԥсадгьыл ахь ахынҳәразы мап ирҳәарц азы ахәыҷкәа ирықәыӷәӷәон”, -иҳәеит Ермак.