Андреи Ермак – Ҳхырхарҭа  -  НАТО алалароуп
Андреи Ермак – Ҳхырхарҭа  -  НАТО алалароуп

 

«Украина апотенциалтә неитралитет уажәшьҭа ҳалацәажәом. Ҳхырхарҭа –  НАТО алалароуп », — иҳәеит атәыла ахада иофис анапхгаҩы  Андреи Ермак  Скандинавиа атәылақәа рдипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа данырҧылоз.

Администрациа адыррала, Ермак адипломатцәа драцәажәеит афронт аҿы аҭагылазаашьеи Украина ахыхьчаралшаара аизырҳареи азы.

«Украина апотенциалтә неитралитет уажәшьҭа ҳалацәажәом. Ҳхырхарҭа –  НАТО алалароуп. Абри аибашьраҿы хықәкык ауп иҳамоу  — жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны Украина аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара. Убри аҟынтә,  агәра ганы ҳаҟоуп ҳалахәызаара абзоурала  Алианс иаҳа ишыҕәҕәахо», — иҳәеит Ермак.