Анатоли Бибилов - Урыстәылатәи Афедерациа иалалар, Аахыҵ Уаԥстәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи реидҵара ҳгәы иҭоуп
Анатоли Бибилов - Урыстәылатәи Афедерациа иалалар, Аахыҵ Уаԥстәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи реидҵара ҳгәы иҭоуп

Урыстәылатәи Афедерациа иалалар, Аахыҵ Уаԥстәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи реидҵара ҳгәы иҭоуп, – иҳәеит импыҵахалоу Аахыҵ Уаԥстәыла алидер Анатоли Бибилов урыстәылатёи аихқәа ирииҭаз аинтервиу аҿы.

Бибилов иажәақәа рыла, Урыстәылаҟны ареферендум аҩаԥгара азҵааразы аконсультациақәа мҩаԥыргоит.

Асепаратисттә режим ахаҭарнак ишааицҳаз, Урыстәылатәи Афедерациа алалара Аахыҵ Уаԥстәыла ашәарҭадаразы аҵак ду амоуп.

“Ҳара Аланиа ҳахьӡуп: Нхыҵ Уаԥстәыла – Аланиа, Аахыҵ Уаԥстәыла – аҳәынҭқарра Аланиа. Ари иаку Аланиоуп. Урыстәылатәи Афедерациа ҳаналало, Аахыҵ Уаԥстәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи реидҵара ҳгәы иҭоуп. Урыстәыла аконституциа ҿы́ц ишану ала, Урыстәыла ахатә ҵакырадгьыл аӡәгьы ииҭом, Аахыҵ Уаԥстәыла ашәарҭадаразы аҵак ду амоуп”, – иҳәеит Бибилов.