Амстердам имҩаҧысуа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәын ақырҭуа жәа-еилахәырак
Амстердам имҩаҧысуа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәын ақырҭуа жәа-еилахәырак

Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрреи Ақыҭа аҿиара агентреи рыцхыраарала, ақырҭуа жәа-еилахәырак Амстердам имҩаҧысуа ацәыргақәҵа  World of Private Label International Trade Show иалахәын. Арҭ аилахәырақәа роуп: «Natsji», «Kula», «Aromaproduct», «May 2020», «Kampa», «Wellington», «Фрукты Карели», «Акооператив Руиспири — аҩыҟаҵарҭа Икалто», «Ачинебули»,  «Green Gold».

Ақырҭуа еилахәырақәа ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ирыдаргалеит ақырҭуа аалыҵ: аҩи, арасеи, ачаи, ашәырӡи, аџьемқәеи, акомпотқәеи.

Аилахәырақәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аҳәынҭқаррантә ироуз адгылара аҵакы ду амоуп  ахәаахәҭратә партниорцәа рыҧшаареи аекспорттә потенциал излауа ала еффективла ахархәареи азыҳәан.

Лаҵара  20–21 рзы имҩаҧгаз ацәыргақәҵа иалахәын  3 100 иреиҳаны еилахәырақәа  70 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.