Амшцәгьа иахҟьаны Қырҭтәыла автомобилтә амҩақәа рҿы аԥкрақәа шьақәыргылоуп
Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациа ала, асоуреи, аҵааи аҵаахҵәырыреи асыԥса дәықәлара ашәарҭеи рымшала мҩақәак рҿы аԥкрақәа шьақәгылоуп.
Адепартамент аинформациа ала, аҩныҵҟатәи ҵакы змоу Кода-Ԥарцхиси-Манглиси-Ҵалка-Ниноҵминда амҩа км94-км110 (Ԥаравантәи аҩхаа) аҿы аамҭала ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом, егьырҭ атранспорттә хархәагақәарзы амҩа аартуп.
Ицәгьоу аметеорологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, Ахалқалақи–Карҵахии Ахалцихе–Ниноҵминдеи рахь ицо амҩаҿ аамҭала ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом.
Асоура дуи, аҵааи аҵаахҵәырыреи рымшала, Гоми–Сачхере–Ҷиаҭура–Зестафони ицо амҩаҿ аамҭала ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом, егьырҭ атранспорттә хархәагақәарзы амҩа аартуп.