Амш цәгьа иахҟьаны, Қырҭтәыла мҩақәак рҿы арежим ҷыда шьақәгылоуп
Амш цәгьа иахҟьаны, Қырҭтәыла мҩақәак рҿы арежим ҷыда шьақәгылоуп

Амш цәгьа иахҟьаны, Қырҭтәыла мҩақәак рҿы арежим ҷыда шьақәгылоуп.

Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, ахҵәахақәа рҿы ацраҳәагақәа змоу автотранспорти 30-ҩык еиҳаны зиагара зылшо автобусқәеи изныҟәом:  аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларс автомобилтә трасса Гудаури (Ԥоста)-Коби ахҵәахаҿы,  Қәҭешь (Моқамеҭа)-Тҟибули-Амбролаури амҩа км39-км62 (Нақерала аҩхаа) ахҵәахаҿы, аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу  Сачхере (Сареки)-Узунта-Шкмери-Зудали хҵәахаҿы.

Аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Вазиани-Гомбори-Ҭелави автомобилтә амҩа км36-км47 ахҵәахаҿ (Ҭеҭриҵҟлеби-верона) аиҭаҵра рылшоит алсралшара ҳарак змоу амашьынақәа мацара. Амҩаҿ автотранспорт аныҟәара апроцесс апатрультә екипажқәа иахылаԥшуеит, амҩақәа рҿы атехникатә џьыка акаԥсара иаҿуп.