"Амилаҭтә ҵысра" хантәаҩыс Леван Хабеишвили далхуп
"Амилаҭтә ҵысра" хантәаҩыс Леван Хабеишвили далхуп

“Иаку амилаҭтә ҵысра” хантәаҩыс Леван Хабеишвили далхуп. Уи абжьқәа 54.58% иоуит. Ари атәы апартиа аофис аҿы имҩаԥгаз аполитхеилак ахантәаҩы Коба Наҟоԥиа ааицҳаит.

“Алхрақәа рҽалархәразы иҭаҩыз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 49638-ҩык иаҟаран. Алхрақәа рхы аладырхәит 41624-ҩк. Алхратә субиектцәа ироузы абжьқәа рхыԥхьаӡара: Нонна Мамулашвили 1 537 бжьы (3.3%), Ника Мелиа 16 476 бжьы (40%), Гиорги Мумлаӡе – 1 516 бжьы (3.68%), Леван Хабеишвили 21 656 бжьы (52.58%)“,- иҳәеит Наҟоԥиа.

Алхрақәа рҿы иқәгылан ԥхьҩык ркандидатурақәа: Ника Мелиа, Леван Хабеишвили, Гиорги Мумлаӡе, Нонна Мамулашвили.

Абжьыҭира апроцедура ажьырныҳәа 28 рзы иалаган, иахьа, асааҭ 10:00 рзы ихыркәшан.