"Амилаҭтә ҵысра" – Русҭави имҩаҧысуаз аҭынчтә акциа алахәыла иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит
"Амилаҭтә ҵысра" – Русҭави имҩаҧысуаз аҭынчтә акциа алахәыла иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит

 

«Русҭави имҩаҧысуаз аҭынчтә акциа алахәыла иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит, иуацәа ҳрыдашшылоит», — иануп апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» аҳәамҭаҿы.

«Аполициаа рзакәандаратә хымҩаҧгашьеи  иқәдыргылаз аультиматуми амшала амассатә протест амҩаҧгара аҵакыра ҧкын. Убри адагьы, аҭыҧаҿы ацхыраара лас бригадакгьы иҟамызт.

Рыцҳарас иҟалаз, абри зегьы иахҟьаны аҭынчратә акциа алахәылак зыҧшра ҟамҵакәа амедицинатә цхыраара иҭара рылымшеит, атәыла анапхгара имҩаҧырго ацәгьауратә политика амшала акциа алахәылак дыҧсит. «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит анапхгараҿы аҟазаара  аҭакҧхықәра ду шацу еилкааны, апротест ҟазҵо ауаа агәабзиареи аҧсҭазаареи азы ирымоу азин еиқәдыршәарц, — иануп аҳәамҭаҿы.

Иацы русҭавтәи абахҭа аҧхьа Михаил Саакашвили идгыларазы акциа иалагаанӡа, акциа алахәылак  иҧсы маҷхан, хара имгакәа дыҧсит.  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, абри афакт азы аусеилыргара иалагеит аҽшьранӡа анагара ахәҭаҷ ала.

Русҭави имҩаҧысуаз акциа алахәылак иҧсра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра ацентргьы.

«Акциа аиҿкааҩцәа акциаҿы ацхыраара лас аекипажқәа рыҟазааразы аҳәара ҟарымҵеит. Иара убас, ишәҳардырыр ҳҭахуп, абҵара  6 асааҭ 18:22 рзы, Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра ацентр ахь адырра  ҟаҵан акциа алахәылак иҧсы шмаҷхаз азы. Русҭавтәи ацхыраара лас абригада аҭыҧашҟа инеит асааҭ 18:35 рзы. Апациент аҭыҧаҿыҵәҟьа иахәҭаз ареанимациатә уснагӡатәқәа изымҩаҧган,    анеҩс, асааҭ  18:45 рзы ахәышәтәырҭашҟа диаргеит.