"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, Иракли Кобахиӡе адиалог даҧырхагахар иҭахуп
Иракли Кобахиӡе ашантаж ҳзиуеит, ареестр шәанаҳхуеит ҳәа дҳақәмақаруеит. «Иаку амилаҭтә ҵысреи» 700 000ҩык иреиҳаны алхыҩцәеи дҳақәмақаруеит — иара аиҿцәажәарақәа дырҧырхагахар иҭахуп, – илҳәеит «Амилаҭтә ҵысра алидерцәа иреиу Хаҭиа Деканоиӡе.
«Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Иракли Кобахиӡе иахьатәи абрифинг аҿы ишиҳәаз ала, апарламент алаларазы мап зкуа аполитикатә партиақәа аҳәынҭқарра аҟынтә афинансқәа роуам. Иара убас, Кобахиӡе ишиҳәаз ала, анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа апарламент иаларгало азакәанпроект инақәыршәаны, аконституциатә алхратә критериқәа ирышьашәалам алидер дызхагыло апартиа алхратә регистрациа ианырхуеит. Лымкаала, Кобахиӡе ишиҳәаз ала, Михаил Саакашвили аконституциатә алхратә критериқәа ҩба дрышьашәалам — Қырҭтәыла датәылауаҩым, насгьы, аҭакра иқәуп.