«Амилаҭтә ҵысра» апарламенттә боикот иаҟәыҵит
«Амилаҭтә ҵысра» апарламенттә боикот иаҟәыҵит

«Амилаҭтә ҵысра» апарламентаҿ аусура иазыхынҳәит. Аоппозициа аҟынтә адепутат Леван Бежашавили ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, хәажәкыра  7-8  рзы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь «Амилаҭтә ҵысра» апарламенттә ҧсҭазаара иазыхынҳәит.

Иара иажәақәа рыла, апартиа ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы рзы апарламенттә усура иалахәызаауеит.