«Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа, апротест ҟаҵаны, аиустициа аминистр Рати Брегаӡе дахьықәгылоз апарламент аилатәара ааныжьны ицеит
 «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа, апротест ҟаҵаны, аиустициа аминистр Рати Брегаӡе дахьықәгылоз апарламент аилатәара ааныжьны ицеит

Иахьа Қырҭтәыла апарламент аҿы,  «аминистр исааҭ» аформатаҿ аиустициа аминистр Рати Брегаӡе изыӡырҩуеит.   «Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа Михаил Саакашвили ипатреҭ зну атрафаретқәа кыдырҵан, анеҩс, апротест ҟаҵаны, игыланы ицеит.

Уаанӡа «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Хаҭиа  Деканоиӡе апарламентаҿ дықәгыланы, Рати Брегаӡе ацәгьауаҩ ҳәа изылҳәеит.

«Абра иқәгыло аиустициа аминистр ацәгьауаҩ иоуп, иара абра акәымкәа, апрокурор изҵаарақәа  аҭак рыҭара ихәҭоуп.  Дыҧхамшьакәа абрахь дааит, ҳара ҳтәаны  абри ацәгьауаҩ ҳаизыӡырҩуама.  Ари ауаҩы уажәы абра акәымкәа, апрокуратураҿ дыҟазароуп, ақырҭуа жәлар рызҵаарақәа аҭак риҭароуп. Ҳаҭыр зқәу Рати, агәра ганы сыҟоуп  хара имгакәа шәус шырыӡбо», — илҳәеит  Деканоиӡе.