"Амилаҭтә ҵысра" аҟынтә ишаарыцҳаз, апарламент аҿы имлшьуаз Ҭемур Џьанашиа ахәышәтәырҭахь днагоуп
"Амилаҭтә ҵысра" аҟынтә ишаарыцҳаз, апарламент аҿы имлшьуаз Ҭемур Џьанашиа ахәышәтәырҭахь днагоуп

“Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Ҭемур Џьанашиа аҳақьымцәа ррекомендациала амлашьра даҟәыҵит, – ари атәы апарламент аҟынтә Актәи аканал ахь аарыцҳаит.

“Амилаҭтә ҵысра” аҟынтә ишаарыцҳаз, апарламент аҿы имлшьуаз Ҭемур Џьанашиа ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Апарламент аҿы имлашьуаз “Амилаҭтә ҵысра» адепутатцәа рҟынтә агәабзиара аҭагылазаашьа аицәахара амшала  Давид Киркитаӡе амлашьра даҟәыҵит. Аҳақьымцәа млашьра анагӡара арекомендациа ирымҭеит. Иара убас, ԥхынҷкәын 18 рзы агәабзиара аҭагылазаашьа аицәахара амшала амлашьра даҟәыҵит  Абдулла Исмаиловгьы.

«Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә адепутатцәа  Давиҭ Киркитаӡеи, Анна Цитлиӡеи,  Абдулла Исмаилови амлашьра иалагеит ԥхынҷкәын 15 рзы. Ԥхынҷкәын 16 рзы амлашьра далагеит Ҭемур Џьанашиагьы.

Анна Ҵиҭлаӡе амлашьра ланыргӡоит.

Азакәанԥҵаратә аиҿкаараҿ 24 сааҭтәи арежимла аус руеит аҳақьымцәа, урҭ имлашьуа адепутатцәа рмониторинг мҩаԥыргоит.