"Амилаҭтә ҵысра" аҳәынҭқарратә аахәарақәа рҿы урыстәылатәи аилахәырақәа рылахәызаара аҧкра иаҳәоит
"Амилаҭтә ҵысра" аҳәынҭқарратә аахәарақәа рҿы урыстәылатәи аилахәырақәа рылахәызаара аҧкра иаҳәоит

“Амилаҭтә ҵысра” аҳәынҭқарратә аахәарақәа рҿы урыстәылатәи аилахәырақәа рылахәызаара аҧкра иаҳәоит. Абри амзызла,  апартиа ахаҭарнакцәа азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа дырмазеин,  хәажәкыра 21 рзы Қырҭтәыла апарламент абиуро аилатәараҿы ицәырыргараны иҟоуп.

Азакәанпроект инақәыршәаны,  Урыстәылатәи афедерациа азакәан ала иазҧхьагәаҭоу  афизикатә хаҿы,  аиуристтә хаҿы,  мамзаргьы аилахәыратә структура Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аахәарақәа рылахәызаара азин аиуам.

Апартиа аинформациа инақәыршәаны,  Қырҭтәыла аелектронтә аҳәынҭқарратә аахәарақәа  рҿы Урыстәылатәи аилахәыра – резидентцәа  рхыҧхьаӡара есышықәса иазҳауеит,   2013 шықәсазы 11 мацара иҟан,   2020 шықәсазы  — 181.