Амилаҭтә банки SWIFT-и реиҿкаарала, ISO 20022 афинанстә аацҳамҭақәа жәларбжьаратәи астандарт ҿыц аларҵәара иадҳәаланы атренинг мҩаԥган. Атренинг рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу акоммерциатә банкқәа рхаҭарнакцәа.
Аиԥылара хықәкыс аман ақырҭуа финанстә сектор аҽазыҟаҵара аглобалтә миграциа ISO 20022-зы, уи аҿҳәарас ишьақәырӷәӷәан 2025 шықәса абҵара.
Атренинг аҳәаақәа ирҭагӡаны детальла иащааҭгылеит ISO 20022 астандарт аструктура, уи аларҵәара апрактикақәеи амилаҭтә миграциа амҩақәҵагеи.